Саломе Зурабишвили – Иахьа Қьырса аныҳәа азгәазҭо ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалоит
Саломе Зурабишвили – Иахьа Қьырса аныҳәа азгәазҭо ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалоит

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили  иахьа Қьырса аныҳәа ду азгәазҭо атәылауаа ирыдылныҳәалеит

«Иахьа Қьырса аныҳәа азгәазҭо ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалоит!

Қырҭтәыла аконфессиақәа рырацәареи ҭынч аицынхара аганахьала иҟоу ашәышықәсарацәалатәи традициеи ҳгәы рыздууп.

Қырҭтәыла еиуеиҧшым ақьырсиантә уахәамақәа ргәырҕьара рыцеиҩысшоит.

Агәырҕьареи мышхәыбзазареи шәзеиҕьасшьоит», — иануп Қырҭтәыла ахада иҟалҵаз адныҳәалараҿы.