Саломе Зурабишвили Европатәи ахеилакахь ааҧхьара ҟалҵеит
Саломе Зурабишвили Европатәи ахеилакахь ааҧхьара ҟалҵеит

Иацы Қырҭтәыла хада  Саломе Зурабишвили Европатәи ахеилакахь ааҧхьара ҟалҵеит.

Қырҭтәыла ахада Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели ахеилак алахәылацәеи ҭабуп ҳәа ралҳәеит.

«Европатәи амҩаҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа ибзианы исгәалашәоит, аигәылара аинициатива,  «Мрагыларатә апартниорра»,  «Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра» уҳәа, имаҷымкәа иҟаҵан, аха, еснагь ирҳәалон ари амҩа Евроеидгыла алалара ишазкымыз, уи еицтәараны ицоз мҩан. Иахьа лабҿаба иаабоит Евроеидгыла алалареи европатәи аҭаацәарашҟа ахынҳәреи ахь ишиашо ицо амҩа ҳшанылаз, ари ашьаҿа аҭоурыхтә ҵакы амоуп.

Аамҭакала, агәра ганы сыҟоуп ақырҭуа жәлар ибзиаҵәҟьаны ишеилыркаауа, атәыла аиҳабырагьы еилыркаароуп иҳарҭаз  ашанс аҳасабтәқәа рацәа шацу. Анеҩстәи фымз рыла ареформақәа рымҩаҧгара наҳагӡароуп. Реформақәак иаамҭаны имҩаҧгамызт, реформақәак ишахәҭаз еиҧш ирласны имҩаҧгамызт ҳәа сгәы иаанагоит.

Абри зегьы ириашатәуп. Ашықәс анҵәамҭанӡа аамҭа ҳамоуп, ҳара ажәа шәаҳҭоит аҧхықәрақәа зегьы наҳагӡар  ашықәс анҵәамҭанӡа акандидат астатус шҳауа. Ҩымш раҧхьа адәахьы идәылҵыз Қырҭтәыла ауааҧсыра ари апроцесс ишазыхиоу аадырҧшит ҳәа сгәы иаанагоит.

Атәыла ахада лаҳасабала саргьы сазыхиоуп, аха, уи адагьы, аиҳабыра иҟарҵо анеҩстәи ашьаҿақәа рхылаҧшра исуалуп ҳәа сгәы иаанагоит. Убри аҟынтә, шәсықәгәыҕыр шылшоит, ақырҭуа жәлар шәрықәгәыҕыр шәылшоит, агәра згар сҭахуп атәыла аиҳабыра иахәҭоу ашьаҿақәа шыҟарҵо. Уи ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа, ҳхылҵ рҿаҧхьа ҳхы иаду аҭакҧхықәроуп, убри аҟынтә, агәра ганы сыҟоуп ҳара арҭ аҳасабтәқәа рынагӡаразы активла аус шаауа.

Сажәахә анҵәамҭазы Украинеи Молдовеи ирыдысныҳәалар сҭахуп, ҷыдала Украина, избанзар Украина абри ақәҧара аханы игылоуп, агрессиа аҿагылараҿы украинаа абри аҩыза акзаара аадмырҧшызгьы, абри аҭоурыхтә шьаҿа дуӡӡа ҟаломызт. Убри аҟынтә, ҳара ҳраҭабууп, анеҩс, акзаара, ареформақәа рымҩаҧгараҿы атәылақәа рыхҧагьы ракзаара, ҳуааҧсыра ракзаара  —  сыззықәҧо адеполиаризациа, ари ақәҧара анагӡаразы агәызҭаҵага ду сышәҭеит», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.