Саломе Зурабишвили – Ахеилак еиҿкаахоит, уи аҿыц алхрақәа рырмазеира иазкызаауеит
Саломе Зурабишвили – Ахеилак еиҿкаахоит, уи аҿыц алхрақәа рырмазеира иазкызаауеит

«Аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара ада уаҳа изакәызаалак азинтәи аконституциатәи мҩа аанымхеит.  Ҳажәлари, сареи, аполитикатә партиақәеи, баша ауааҧсыреи, абарҭ амаршқәа рылахәылацәеи абри аҳәароуп ирымоу», – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили авидеоааҧхьараҿы.

Зурабишвили лажәақәа рыла, акризис аҭыҧқәҵаразы аамҭа маҷк аанхеит,  убри аҟынтә, аҿыц алхрақәа рызҵаара алацәажәаразы, ҳазну амчыбжь азы Биӡина Иванишвилии  «Ақырҭуа гәахәтәы ахаҭарнакцәеи» рҧылара  дазыхиоуп.

«Иахьа ҳазҭагылоу акризис аҭыҧқәҵаразы 2 мҩазаҵәык роуп иҟоу. Актәи  – ирласӡаны аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара. Анапхгаратә партиаҟны еиқәшаҳаҭрала, ҳаззеиқәшаҳаҭхо аҭагылазаашьақәа рыла хара имгакәа  аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара.  Ари азҵааразы сара исацәажәароуп, избанзар, амедиатор ироль назыгӡоит, иара убас, ари адиалог иалахәызароуп алхрақәа ирылахәыз апартиақәагьы.  Иара имацара дааиргьы, егьаурым, саргьы сымацара сыҟазаауеит. Аамҭа ҳацәмаҷуп, акризис аҭыҧ иқәҵатәуп. Иара атәылеи, ауааҧсыреи дрызхәыцыр, аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара дазхәыцыр, ари аиҧылара ҳазну амчыбжь азы, ҧхынҷкәын  29-нӡа имҩаҧгазар ауеит.

Ҳтәыла иаҳа еицәоу акризис иҭагылар ҳҭахымзар, хымҧада адиалог мҩаҧгатәуп, мамзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҳамаз ақәҿиарақәа зегьы ҳцәыӡуеит.  Евроеидгыла ашә ҳалагылоуп.  Адиалог зымҩаҧаҳамгар, алхрақәа рҟнынӡа ҳнеиуеит уажәтәи арежим ахыбгалара ала. Уаҳа мҩак иҟам. Арежим ахыбгалара иаҿуп, уи есымша иубарҭоуп.

Арҭ амшқәа рзы аҭак смоур, анеҩстәи аетап иалагоит, уи азы ҳахиазароуп. Атәыла ахада лаҳасабала, сара сыхиазаауеит, аҳәаанырцәтәи ҳпартниорцәа рҟны еиҧҟьарада аимадара сымазаауеит. Сара есымша срацәажәоит, ара иҟоу зегьы рдыруеит.

Иара убас, ахеилак еиҿаҳкаауеит, уи хықәкы заҵәык амазаауеит – аҿыц алхрақәа рырмазеира. Иашьашәалоу адокумент аиқәыршәара ҳалагахьеит», – илҳәеит  Зурабишвили.