Саломе Зурабишвили  ашәҟәыҩҩы  Хасо Хангошвили Аҳаҭыр аорден ианалшьеит
Саломе Зурабишвили  ашәҟәыҩҩы  Хасо Хангошвили Аҳаҭыр аорден ианалшьеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  ашәҟәыҩҩы  Хасо Хангошвили (иҧсрашьҭахь) Аҳаҭыр аорден ианалшьеит  кавказтәи ажәларқәа – ақисҭцәеи ақырҭуааи рыбжьара аиҩызаратә аимадарақәа рырҕәҕәара аус аҿы алагала ду азыҳәан.

Атәыла ахада Панкистәи аҩхаа Дуиси ақыҭан инхо ашәҟәыҩҩы иҭаацәара дрызнеины,  лара лхаҭа анашьамҭа рылҭеит.

«Уажәы ираҳҭо анашьамҭа аҳәынҭқарратә анашьамҭоуп, убри ала аҳәынҭқарра, кавказтәи акультура ахьчара иазықәҧоз  абри ауаҩ ду аҳаҭыр изаанарҧшыр сҭахуп. Избанзар, уи ҳтәыла абеиареи, ахкырацәареи, атолерантреи иадыргоуп.  Ақырҭуа культура аҧҵареи  аҿиареи иалахәыз дарбанзаалак ауаҩы, имилаҭра иахьыҧшымкәа, даҳхашҭыр ҟалом», — заявила Саломе Зурабишвили.

Анашьамҭаҭара ацеремониаҿ иҟан аҭыҧантәи ауааҧсыреи, афольклорист Еҭер Ҭаҭараиӡеи, апоет  Тариел Хархелаурии.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада ладминистрациа.