Саломе Зурабишвили – Абраантә сцоит, сшәыцны сцоит, сшәыдгылазаауеит, алегитимра сыманы сцоит
Атәылеи ажәлари рызгәыкра ахаангьы исыҧсахуам, аханаҿ сыҟазаауа ҽаџьара сыҟазаауа зегьы дара роуп, – илҳәеит Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рхан ашҭаҿы.
„Раҧхьа иргыланы, иахьа абрахь шәахьааиз азыҳәан шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп, иахьа абра ҳгылоуп, уаҟа уаҩ дыҟам, ажәлар абра иҟоуп. Уаҟа дара ашәқәа ркны итәоуп, ҳара адәахьы ҳаҟоуп, избанзар, акгьы ҳацәшәом. Фышықәса раҧхьа сара Аконституциа аҿаҧхьа ҭоуба зуит, аха, раҧхьа иргыланы, атәыла азгәыкразы ҭоуба зуит. Убри азоуп иахьа абра сзыҟоу, ари азгәыкра ахаангьы исыҧсахуам. Ари аханаҿ сҟалоу ҽаџьара сҟалоу зегьы дара роуп.
Ари ахыбра аӡәгьы итәым. Араҟа алегитимациа змоу ахада дахьынӡаҟаз, ари ахыбрагьы символс иҟан. Сара алегитимра сыманы сцоит. Абираҟ сыманы сцоит, шәара шәҟынтә исымоу агәрагара сыманы сцоит. Ари ахан Орбелианиаа ирзыхынҳәтәуп. Ажәлар роуп атәыла ахада алегитимациа изҭо. Ажәлар рыгәрагара ахьыҟам алегитимациагьы зыҟалом. Убри аҟынтә, араантә сдәылҵны, шәара сшәыдгылазаауеит“,- илҳәеит Саломе Зурабишвили.