Саберио иҟалаз арыцҳара инамаданы Ильҳам Алиев Иракли Кобазиӡе дидашшылеит
Саберио иҟалаз арыцҳара инамаданы Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобазиӡе дидашшылеит, – аарыцҳаит Азербаиџьан ахада иадминистрациа аҟынтә.
“Ҳаҭыр зқәу аԥыза-министр, Гал араион Саберио ақыҭан амцакраан хәҩык ахәыҷқәа рҭахара ажәабжь даараӡа ҳгәы ҳнархьит. Ари арыцҳара ду инамаданы адашшылара шәзаасырԥшуеит. Азербаиџьан жәлари сареи ҳахьӡала сшәыдашшылиот, срыдашшылоит иҭахаз ахәыҷқәа рҭаацәареи рыуацәеи, Қырҭтәыла ауааԥсыра зегьи”, – иануп адашшылара аҿы.