Сҭамԥыл имҩаԥысуа Украина-Урыстәыла реиҽцәажәара ихы алаирхәоит Роман Абрамовичгьы
Сҭамԥыл имҩаԥысуа Украина-Урыстәыла реиҽцәажәара ихы алаирхәоит Роман Абрамовичгьы

Сҭамԥыл имҩаԥысуа Украина-Урыстәыла реиҽцәажәара ихы алаирхәоит Роман Абрамовичгьы. Абрамович Украинеи Урыстәылеи  реиҽцәажәара ахьымҩаԥысуа Долмабаҳче ахан аҿы дыҟоуп.

Аурыс миллиардер, абизнесмен Роман Абрамович аиҽцәажәара иалагаанӡа, Ҭырқәтәыла ахадеи Адәныҟатәи аусқәа рминистр драцәажәеит.

Аларҵәара зауз афотоҭыхымҭаҿ иубарҭоуп Абрамовис ауадаҿ Ҭырқәтәыла ахада ипресспикер, Ибраҳим Калини дышиватәоу.

Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, Калини аурыс олигархи украинатәи аделегациа алахәылацәеи Сҭамԥылтәи асасааирҭақәа рҿы реиԥыларақәа акоординациа рзиуит.