Римтәи Папа  адинхаҵаҩра рахь атрадициатә амшаҧытәи ацҳамҭа ҟаиҵеит
Римтәи Папа  адинхаҵаҩра рахь атрадициатә амшаҧытәи ацҳамҭа ҟаиҵеит

Римтәи Папа, Пиотр ацқьа ибазилика абалконантә, адинхаҵаҩра рахь атрадициатә амшаҧытәи ацҳамҭа ҟаиҵеит.

Ибжьагажәаҿ Папа аукраинцәеи аурысцәеи аҭынчра рзеиҕьеишьеит, атҟәацәа — аҩныҟа ахынҳәра, жәларбжьаратәи ауаажәларра  — Украинаҿ аибашьра ахыркәшара.

Франциск  Ҭырқәтәылеи Сириеи иҟалаз адгьылҵысра иалаӡыз ауааҧсыреи,  аидгылара анагӡара ахымҧадареи,  аҭынчра ашьақәыргылара амзызла Израили Палестинеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа реиҭашьақәыргылареи далацәажәеит.  Иара убас,  Папа, африкатә атәылақәа рсоциал-економикатә проблемақәагьы дырзааҭгылеит.