Римтәи Папа Аахыҵ  Кавказаҿ аибарххара аҵыхәҧцәаразы ааҧхьара ҟаиҵеит
Римтәи Папа Аахыҵ  Кавказаҿ аибарххара аҵыхәҧцәаразы ааҧхьара ҟаиҵеит

Римтәи Папа Франциск адинхаҵаҩцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчмҩала аҭаҭыгазаашьа аҭыҧқәҵаразы иныҳәарц. Акатоликатә уахәама анапхгаҩы иҳәамҭала, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аескалациа аанкылатәуп.

Reuters аинформациала, аекологцәа-активистцәа  Шәамахьтәылантә, Азербаиџьан аҵакырадгьыл ала   Ашьхатә Ҟарабахҟа  ауаа реиҭаҵреи афатәаалыҵи амедикаментқәеи рымҩангареи азы иҟаз адгьылтә корридор заҵәы адыркит.

Иара убас, акатолик, Пиотр ацқьа ишҭаҿ еизаз ауаа дрыҳәеит Украина аҭынчразы иныҳәарц. Иара иҳәамҭала, аганқәа аконфрантациа иаҟәыҵны аиҿцәажәара иалагароуп.

«Ари аҭагылазаашьа аҟынтә алҵразы алшара заҵәык иҟоу  —  аҭынчра, уи ашьақәыргыларазы мҩа заҵәык ауп иҟоу – адиалог», – иҳәеит апонтифик.