Риазань иҟоу анефҭ аус адуларатә зауад адрон ажәылеит
Риазань иҟоу анефҭ аус адуларатә зауад адрон ажәылеит

Риазань иҟоу анефҭ аус адуларатә зауад адрон иажәылеит. Атәылаҿацә агубернатор Павел Малков ари аинформациа шьақәирҕәҕәеит.  Иара Telegram-канал аҿы ишиҩыз ала, ажәылара амшала азауад амца ацралеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аахақәа зауз иҟоуп. Урҭ рҟынтә ҩыџьа ахәышәтәырҭашҟа инагоуп.

Иара убас, урыстәылатәи агентра  ТАСС ишаанацҳаз ала,  адрон Белгород иҟоу Ашәарҭадара афедералтә маҵзура ахыбра иажәылеит,  ахыбра аҧхасҭа аиуит.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала,  иахеи иахьа шьыжьымҭани урыстәылатәи арегионқәа рханы  58 адронқәа ҭадырхеит.