Reuters -  Урыстәыла иадгыло асепартистцәа, Украина, Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа рҿы аҧшааратә система Google аусура аҟәырхит
Reuters -  Урыстәыла иадгыло асепартистцәа, Украина, Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа рҿы аҧшааратә система Google аусура аҟәырхит

Урыстәыла иадгыло асепартистцәа, Украина, Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа рҿы аҧшааратә система Google аусура аҟәырхит.

Агентра  Reuters ишану ала,  асоциалтә аҳаҿы аларҵәара зауз аҳәамҭаҿы, Донецктәи жәлартә республика де-факто алидер Денис Пушилин  Google ахараиҵеит аурысцәа ирҿагылоу аполитика амҩаҧгара.

«Google  акриминалтә политика амҩаҧгара иаҟәыҵны, азакәани морали, ҟәышреи иазыхынҳәыр, ҧырхагак амамкәа аусура нанагӡоит», — иҳәеит  Денис Пушилин.

Аилхәыра  Google аҿы ари аӡбара иадҳәаланы макьана аҳәамҭа ҟарымҵацт.