Адәыҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, жәларбжьаратәи уаажәларра жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа реилагара афакт иахәҭоу ақәҿыҭра арҭап ҳәа ҳгәыҕуеит
Адәыҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, жәларбжьаратәи уаажәларра жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа реилагара афакт иахәҭоу ақәҿыҭра арҭап ҳәа ҳгәыҕуеит

«Урыстәылатәи афедерациа ала Украина аҵакырадгьылқәа  – Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа ихьыҧшым ҳәанҭқаррақәас рызхаҵара – жьларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа реилагароуп», —  иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишазгәарҭаз ала, Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.

«Қырҭтәыла Ккраина имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыцклаҧшуеит, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҟалаз ахҭысқәа европатәии аглобалтәии шәарҭадара иаҧырхагоуп.  Урыстәылатәи афедерациа ала Украина аҵакырадгьылқәа  – Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа ихьыҧшым ҳәанҭқаррақәас рызхаҵара – жьларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа реилагароуп. 2008 шықәсазы Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿгьы,  Цхинвалтәи арегион аҿы абри аҩызаҵәҟьа арратә интервенциа мҩаҧнагеит, убри ашьҭахь ари арегиони Аҧсни ихьыҧшым ҳәынҭқаррақәас иазхарҵеит. Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Жәларбжьаратәи уаажәларра жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа реилагара афакти Мрагыларатә Европа иҟоу аҳәынҭқарра аҳәаақәа мчыла рыҧсахра аҽазкреи  иахәҭоу ақәҿыҭра арҭап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Урыстәыла Донецктәии Дугансктәии атәылаҿыцәқәа ихьыҧшым ҳәынҭқаррақәас азханаҵеит. Урыстәыла ахада Владимир Путин ари атәы ааицҳаит Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара ашьҭахь.