АИХ адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Дума импыҵахалоу Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа «ихьыҧшым ҳәынҭқаррақәас» рызхаҵара азҵаара иахәаҧшуеит
АИХ адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Дума импыҵахалоу Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа «ихьыҧшым ҳәынҭқаррақәас» рызхаҵара азҵаара иахәаҧшуеит

АИХ адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Дума импыҵахалоу Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа «ихьыҧшым ҳәынҭқаррақәас» рызхаҵара азҵаара иахәаҧшуеит.  Reuters ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә Дума аспикер Виачеслав Володин  иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Володин иҳәамҭала, урыстәылатәи апарламент алахәылацәа,  «Акоммунисттә партиа» алидер Генади Зиуганов инапхгарала, азакәанпроект ҿыц аларгалеит, уи аҿы «Владимир Путин идаргалоит Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа ихьыҧшым ҳәынҭқаррақәас рызхаҵара».

Володин иажәақәа рыла, «анапхгаратә партиа абарҭ арегионқәа ирықәынхо Урыстәыла атәылауаа ршәарҭалара иаргәамҵуеит».

Reuters аинформациа ишану ала, Кремль аофициалтә хаҭарнак Дмитри Песков абри аинициатива дахцәажәан, ишазгәеиҭаз ала, «уажәазы аҭагылазаашьа злаҟоу ала, иҵегьы аҭагылазаашьа зырцәгьаша  ашьаҿақәа рыҟаҵара иахәҭам».