Reuters – Балтиатәи атәылақәа арратә мобилизациа иацәцар зҭаху урыстәылатәи ахҵәацәа рыдкыларазы мап ркуеит
Reuters – Балтиатәи атәылақәа арратә мобилизациа иацәцар зҭаху урыстәылатәи ахҵәацәа рыдкыларазы мап ркуеит

Балтиатәи атәылақәа арратә мобилизациа иацәцар зҭаху урыстәылатәи ахҵәацәа рыдкыларазы мап ркуеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит агентра Reuters.

«Урыстәылаҿ ахатә тәылауаҩратә уалҧшьа анагӡаразы мапкра – даҽа тәылак аҿы ахыҵакырҭа аиуразы шьаҭас изыҟалом», — иҳәеит Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Урмас Реинсалу.

Уаанӡа, Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр урыстәылатәи ахҵәацәа рыдкылараан ашәарҭадара азҵаарақәа дырзааҭгылеит. Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз ала,  ахыҵакырҭа иаҳәо урыстәыла атәылауаа русқәа хаз-хазы ирыхәаҧштәуп.