Reuters адыррала, Сергеи Шоигу Украина дыҟоуп
 Reuters адыррала, Сергеи Шоигу Украина дыҟоуп

Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи  Шоигу Украина дыҟоуп. Reuters ари аты аанацҳаит Украина Атәылахьчара аминистрра аинформациа шьаҭас иҟаҵаны. .

«Урыстәылатәи арратә хәҭақәа апунктқәа рҿы ар аинрал Сергеи Шоигу акамандаҟаҵаҩцәа рҟынтә аинформациа дазыӡырҩит аоперациа ахырхарҭа хадақәа рҿы аҭагылазаашьа иазкны», — иануп аусбарҭа аинформациаҿы.

Агентра адыррала, Урыстәыла атәылахьчара аминистр Украинаҟа даннеиз идырым.