Reuters адыррала, Америка, раҧхьаӡа акәны Украина ианаҭоит  хара ихысуа аракетақәа
Reuters адыррала, Америка, раҧхьаӡа акәны Украина ианаҭоит  хара ихысуа аракетақәа

 Reuters адыррала, Америка, раҧхьаӡа акәны Украина ианаҭоит  хара ихысуа аракетақәа.

Агентра адыррала, хара имгакәа, Америка аанацҳауеит Украина арратә цхыраара апакет ҿыц аҭара иазкны, ари апакетла иазҧхьагәаҭоуп   150 километр арадиус ала ихысуа аракетақәагьы.

Иахьа уажәраанӡа Америка Украина еиқәнаршәон  80 километр ихысуа аракетақәа рыла.

Reuters адыррала, апакет ҿыц  2 миллиардк адоллар еиҳаны иаҧсоуп.