Реџьеп Таип Ердоҕан Ильҳам Алиев диҧылоит
Реџьеп Таип Ердоҕан Ильҳам Алиев диҧылоит

Уаҵәы Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Нахичевантәи автономтә республика даҭаауеит. Ердоҕан Нахичеван днеиуеит Азербаџьан ахада Ильҳам Алиев иааҧхьарала.

Ҩ-тәылак рлидерцәа  ишиашо, иара убас, ирҭбаау аформатқәа рҿы аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит.

Аҭырқәа АИХқәа рдыррақәа рыла, аиҿцәажәарақәа раан  ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи, иара убас, арегионалтәи жәларбжьаратәи ахҭысқәеи ирылацәажәоит.  Алиеви Ердоҕани Ҟарабах имҩаҧгаз аоперациеи ашәамахь арратә хәҭақәа рабџьардатәреи,    Азербаиџьани Нахичевантәи автономтә республикеи еимыздараны иҟоу Зангезургтәи акорридор азҵаареи  иазааҭгылоит.