Реџьеп Таип Ердоӷан Адәныҟатәи аусқәа рминистр 10 тәылак рыцҳаражәҳәаҩцәа "персона ноно грата" ҳәа рыларҳәара аинструкциа ииҭеит
Реџьеп Таип Ердоӷан Адәныҟатәи аусқәа рминистр 10 тәылак рыцҳаражәҳәаҩцәа "персона ноно грата" ҳәа рыларҳәара аинструкциа ииҭеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Адәныҟатәи аусқәа рминистр 10 тәылак рыцҳаражәҳәаҩцәа “персона ноно грата” ҳәа рыларҳәара аинструкциа ииҭеит. Ари атәы аарыцҳаит ҭырқәтәылатәи аих.

Ердоӷан иҟаиҵаз аҳәамҭала, Адәныҟатәи аусқәа рминистр аинструкциа ииҭеит зыԥшра ҟамҵакуа ҭырқуа активист Осман Кавала ихақәиҭтәра иаҳәоз 10 тәылак рыцҳаражәҳәаҩцәа “персона ноно грата” ҳәа рылаиҳәарц. Ацҳаражәҳәаҩцәа иреиуоуп Ҭырқәтәыла иҟоу ЕАШ-и, Франциеи, Германтәылеи рмиссиақәа рнапхгаҩцәа.

10 тәылак рыцҳаражәҳәаҩцәа аҳәамҭа ҟарҵеит абизнсмени афилантропи Осман Кавала зыԥшра ҟамҵакуа ихақәиҭтәра аҳәара ҟарҵеит.