Реџьеп Таип Ердоӷан - Самсуни Трабзони Сарԥи еимыздо зыццакыра дуу адәыӷбатә ацәаҳәа аргыларатә проект иабзоураны, Анкареи Амшын Еиқәеи, Қырҭтәылеи рыбжьара аихамҩатә мҩангара еиқәшәахоит
Реџьеп Таип Ердоӷан - Самсуни Трабзони Сарԥи еимыздо зыццакыра дуу адәыӷбатә ацәаҳәа аргыларатә проект иабзоураны, Анкареи Амшын Еиқәеи, Қырҭтәылеи рыбжьара аихамҩатә мҩангара еиқәшәахоит

Самсуни Трабзони Сарԥи еимыздо зыццакыра дуу адәыӷбатә ацәаҳәа аргыларатә проект иабзоураны, Анкареи Амшын Еиқәеи, Қырҭтәылеи рыбжьара аихамҩатә мҩангара еиқәшәахоит, – иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Ризе, Ҭырқәтәыла анапхгаратә партиа аконгрес аҿы данықәгылоз.

Ҭырқәтәыла ахада иажәақәа рыла, ари апроект анагӡара ашьҭахь ақалақьқәа Ору, Гиресун,Трабзон, Ризе, Арҭвин  зыццакыра дуу адәыӷбатә ацәаҳәала аимадара рыбжьаҵахоит. Аргылара Самсун аҟынтә иалагоит.

Ҵыԥх аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла аиҳабыра Самсуни Сарԥии еимыздо аихамҩа аргылара иалагоит. Ҭырқәтәыла атранспорт аминистр иҟаиҵаз аҳәамҭала, 509 км аура змоу Самсуни Сарԥии еимыздо аихамҩа рхы иадыхәар рылоит 10 миллионҩык.