Володимир Зеленски иахьа Сҭамԥыл Реџьеп Таип Ердоӷан диԥылоит
Володимир Зеленски иахьа Сҭамԥыл Реџьеп Таип Ердоӷан диԥылоит

Украина ахада Володимир Зеленски иахьа Сҭамԥыл, Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан диԥылоит, – аарыцҳаит Ҭырқәтәыла ахада иадминистрациа аҟынтә.

Аиԥылара Долмабаҳче ахан аҟны мҩаԥгахоит, уи ашьҭахь алидерцәа аҳәамҭақәа еицыҟрҵоит.

Ҭырқәтәылатәи аган ишаанацҳаз ала, аиԥылараҿ Украинеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәеи Амшын Еиқәа ашәарҭадаратә коридори ирызку азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит.