Рашәара 20 рзы амитинг аҿы аахақәа зауз ауааҧсыра рыхәҭак амнистиа иазку азакәан иақәшаҳаҭым
Рашәара 20 рзы амитинг аҿы аахақәа зауз ауааҧсыра рыхәҭак амнистиа иазку азакәан иақәшаҳаҭым

Рашәара 20 рзы амитинг аҿы аахақәа зауз ауааҧсыра Қырҭтәыла апарламент аҧхьа акциа мҩаҧыргеит.

Дара ргәаанагарала,  апарламент,  рашәара  20 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы амнистиа иазку азакәан рыдыркылар ҟалом, избанзар, ргәы ишаанаго ала, убри аҽны атәыла аиҳабыра аҭынчуаа ирҿагыланы амч рхы иадырхәит, уи зхароу ауааҧсыра зегьы ахьырхәра рыҭатәуп.

Акциа алахәылацәа ргәаанагарала,  зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект  жәларбжьаратәигьы аҭыҧантәигьы азинтә принципқәа иеланагоит.