Рашәара 20 аус иадҳәаланы, Гьаргь Гахариа апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа иҧхьеит
Рашәара 20 аус иадҳәаланы, Гьаргь Гахариа апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа иҧхьеит

Қырҭтәыла ҧасатәи аҧыза-министр, апартиа  „Гахариа Қырҭтәылазы“ алидер Гьаргь Гахариа рашәара  20  аус иадҳаланы апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа иҧхьеит. Акомиссиа ахантәаҩы Ҭеа Ҵулукиани ари атәы аалыцҳаит акомиссиа аилатәараҿы.

„2012 -2024шықәсқәа ирыдҳәаланы уажәааноуп аусура ҳаналагаз. Гьаргь Гахариеи усҟан ацәгьаурақәа ҟазҵоз, иахьагьы атәыла ҧырхага азаазго даӡәымкәа ауааҧсыреи акомиссиа аилатәарашҟа иааҳаҧхьоит“,- илҳәеит Ҵулукиани.