Қырҭтәылантә Украина ацҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәит
Қырҭтәылантә Украина ацҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәит

Қырҭтәылеи Кыргызстани рҟынтә Украина ацҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәит. Аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ахада Владимир Зеленски.

“Ҳдипломатцәа ирызкны. Ҳдипломатцәа ражәеи жәларбжьаратәи зини еилазгаз аҳәынҭқаррақәа рганахьала  уажәы ииашоу, зда ԥсыхәа иҟам аӡбарақәа рреализациа нарыгӡоит. Кыргызстан аҟынтә зыԥшра ҟамҵакәа ацҳаражәҳәаҩ аконсультациазы ирхынҳәра аӡбара ҳадаҳкылеит – Украина аганахьала имҩаԥгаз агрессиа ариашаразы, Қырҭтәылантә -зыԥшра ҟамҵакәа ацҳаражәҳәаҩ ирхынҳәра аӡбара ҳадаҳкылеит – ҳацхыраара зҭаху хатәгәаԥхарауаа рԥырхагахареи, асанкциақәа ирыдҳәаланы амораль змам апозициеи рзы,” – иҳәеит Зеленски.