Қырҭтәыла Португалиеи Ефиопиеи ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа амоуп.
Португалиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Леван Ҵурҵумиа.
Леван Ҵурцумиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус иуеит 1998 шықәса инаркны. Украинаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан, иара убас, Жәларбжьаратәи азинтә департамент адиректор иҭахыҭуаҩс аус иуан.
Ефиопиа ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Гиа Маҷараӡе. Иара 1996 шықәса инаркны Қырҭтәыла Адәныҟатә аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу адипломатиатә миссиақәеи рҿы еиуеиҧшым амаҵзураҭыҧқәа ааникылон.