Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Туркменистан Меџьлис ахантәаҩы Дуниагозель Гулманова дылҧылеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Туркменистан Меџьлис ахантәаҩы Дуниагозель Гулманова дылҧылеит.
Атәыла ахада иадминистрациа адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рыбжьара аполитикатәи, аекономикатәи, акультуратәи еизыҟазаашьақәеи ҩ-ганктәи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Қырҭтәыла ахада Туркменистан анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.
Қырҭтәыла ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит Ацентртә Азиа арегионаҿ аҭынчра аиқәыршәара аус аҿы Туркменистан иҟанаҵо алагала ду.
Аиҧылара мҩаҧган Апрезиденттә аханаҿ.