Қырҭтәыла ахада,  Коба Давиҭашвили иҧсрашьҭахь Аҳаҭырқәҵара аорден ианалшьеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Коба Давиҭашвили иҧсрашьҭахь Аҳаҭырқәҵара аорден ианалшьеит.

Ари атәы иануп атәыла ахада  Facebook лдаҟьаҿы.

«Иахьа, абҵара  7 рзы, Қырҭтәыла ахада, ақырҭуа жәлар рыхьӡала,  Коба Давиҭашвили иахь илымоу аҭабуреи аҳаҭырқәҵареи аалырҧшит, избанзар иара  2007 шықәса абҵара 7 рзы иҟалаз ахҭысқәа дрылаӡит, игәабзиареи иҧсҭазаареи атәыла аҧеиҧши аиашареи азықәҧара иазикит!», — иануп атәыла ахада  Facebook лдаҟьаҿы.