Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Азербаиџьан ахада диԥылеит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Азербаиџьан ахада диԥылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Азербаиџьан аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев диԥылеит.

Аминистр Азербаиџьан ахада Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети рыдгыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Џьуаншер Бурҷулаӡе ишазгәеиҭаз, иҭышәынтәылоу иҿиаау Азербаиџьан арегион ашәарҭадаразы аҵак ҷыда амоуп, аминистр Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Аахыҵ Кавказ аҿы аҭынчратә гәыларатә иԥшьгара дахцәажәеит.

Аиԥылараӡ аганқәа ирыхәаԥшит атәылахьчара ахырхарҭаҿ ҩганкалатәии хганкалатәии аусеицура аформатқәа.