Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩи атәылахьчара аташеи дырҧылеит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩи атәылахьчара аташеи дырҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиев диҧылеит.

Атәылахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны,  аибадырратә ҟазшьа змам аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рстратегиатә партниорреи реигәыларатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит.

Иара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит ҩ-ганктәи аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа.

Аиҧылара ихы алаирхәит Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан атәылахьчара аташе Фуад Ибрагимов.