Қырҭтәыла аҧыза-министр Џьамтәылатәи исламтә республикаҿ дыҟан 
Қырҭтәыла аҧыза-министр Џьамтәылатәи исламтә республикаҿ дыҟан 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Џьамтәылатәи исламтә республикаҿ дыҟан, иара дицын адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгаҩи Џьамтәылатәи исламтә республика ахада  Ибрагим Раисии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Хосеин  Амир  Абдоллахиани, егьырҭ анапхгаратә хаҿқәеи рыҧсыжра ацеремониа рхы аладырхәит.