Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдула Арипови ирҭбаау аформатаҿ аиҧылара мҩаҧыргеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдула Арипови ирҭбаау аформатаҿ аиҧылара мҩаҧыргеит.
Ишиашо аиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа нагӡан ирҭбаау аформатаҿ, аделегациақәа рылахәызаара ала. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Узбекистантәи ареспубликеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, атәылақәа аиҩызаратәи апартниортәи еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.
Қырҭтәыла аҧыза-министр узбекистантәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, импыҵахалоу арегионқәа рызхаҵамра аполитикеи адгыларазы.