Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдула Арипови ирҭбаау аформатаҿ аиҧылара мҩаҧыргеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдула Арипови ирҭбаау аформатаҿ аиҧылара мҩаҧыргеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдула Арипови ирҭбаау аформатаҿ аиҧылара мҩаҧыргеит.

Ишиашо аиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа нагӡан ирҭбаау аформатаҿ, аделегациақәа рылахәызаара ала. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Узбекистантәи ареспубликеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, атәылақәа аиҩызаратәи апартниортәи еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.

Қырҭтәыла аҧыза-министр узбекистантәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас,  импыҵахалоу арегионқәа рызхаҵамра аполитикеи адгыларазы.