Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара уажәтәи ахантәаҩы диҧылеит  
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара уажәтәи ахантәаҩы диҧылеит  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара уажәтәи ахантәаҩы, Польшатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Збигнев Рау диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала арегион аҿы ашәарҭадара аганахьала ицәырҵыр апроблемақәа ирылацәажәеит.

Аҧыза-министр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Украина ишадгыло, агуманитартә ганахьала ишацхраауа, иара убас, жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы аполитикатә адгылара шазаанарҧшуа.  Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, жәларбжьаратәи аиҩызара ароль ду нарыгӡоит аибашьра излауа ала ирласны ахыркәшара апроцесс аҿы.

Хшыҩзышьҭра ҷыда азун Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы ахантәаҩраан атәылақәа русеицуреи ари аконтекст аҿы арегионалтә шәарҭадара азҵаареи. Иракли Ҕарибашвили Збигнес Рау даниацәажәоз, иаҵшьны иазгәеиҭеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Польша ахантәаҩраан Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызҵаара иҳараку аҩаӡараҟны ақәыргылара аҵаки, иара убас,  Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рҿы Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара алахәызаареи, ари аформат қәҿиарала ахархәареи иахәҭоу алҵшәақәа раиуреи  ахымҧадареи. Убри адагьы, хшыҩзышьҭра азун Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми (IPRM) аҿы қәҿиарада аицхантәаҩра аҵакы. Аиҧылараҿы ҷыдала иазгәаҭан Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчратә политика шымҩаҧырго.

Польшатәи адипломат даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Польша Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәии евроатлантикатәии интеграциеи ишадгыло.

Аиҿцәажәараан аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы ахантәаҩраан Польша ала аҧыжәара зауа  ахырхарҭақәа дрықәшаҳаҭуп. Аиҳабыра рнапхгаҩы Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла ивизит азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.