Қырҭтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа НАТО Апарламенттә Ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧыргоит
Қырҭтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа НАТО Апарламенттә Ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧыргоит

Мадрид имҩаҧысуа НАТО Апарламенттә Ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.

Ақырҭуа делегациа алахәылацәа Швециеи, Финлиандиеи, Ҭырқәтәылеи, Естониеи ахаҭарнакцәа ирҧылахьеит.

«Аделегациа анапхгаҩы,  атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы апарламенттә комитет ахантәҩаы Иракли Бариӡе иҳәамҭала, ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа аицәахара иазҧхьагәаҭаны,  апартниорцәа зегьы ибзианы еилыркаауеит НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара аҵакы ду шамоу, убри аҟынтә, ари апроцесс арццакра ҳақәгәыҕуеит.

Апартиорцәа зегьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Дара агәра ҳдыргеит наҟ-наҟгьы жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы Қырҭтәыла ишадгыло», — иҳәеит Иракли Бераиа.