Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Болгариа аиҧыларақәа мҩаҧыргоит
Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Болгариа аиҧыларақәа мҩаҧыргоит

Қырҭтәыла апаламенттә делегациа алахәылацәа Болгариа  аҳҭнықалақьаҿ, Софиа рвизит иалагеит.

Қырҭтәыла апраламентаҿ иҟоу европатәи аинтеграциазы акомитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвилии адепутат Леван Қорумиӡеи болгариатәи апарламентаҿ аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.

Иахьа ақырҭуа депутатцәа болгариатәи апарламентаҿ, адәныҟатәи аусқәеи, Европеи Шенгентәи азонеи, еврозонеи, атәылахьчареи  аусқәа рзы акомитетқәа рҿы аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.

Уаҵәы ақырҭуа депутатцәа Болгариа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Елена Шекерлетова илҧылараны иҟоуп.