НАТО Апарламенттә ассамблеиа аделегациа анапхгаҩы  – Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари ҭабуп ҳәа расҳәоит ҳделегациа ҕәҕәала адгыларазы
НАТО Апарламенттә ассамблеиа аделегациа анапхгаҩы  – Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари ҭабуп ҳәа расҳәоит ҳделегациа ҕәҕәала адгыларазы

«Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари ҭабуп ҳәа расҳәоит ҳделегациа ҕәҕәала адгыларазы», — иҳәеит НАТО Апарламенттә ассамблеиа аделегациа анапхгаҩы  Фаик Озтрак апресс-конференциаҿы.

Озтрак иҳәамҭала, НАТО Апарламенттә ассамблеиа ақырҭуа жәлар ирыдгылоит.

«Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит Қырҭтәыла зҵакы дуу аамҭа ишҭагыло. Иаартны иаҳҳәеит  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан атәыла адемократиатә аҿаиара ишаҧырхагоу. Арҭ алхрақәа Қырҭтәыла адемократиазы даҽа ҧышәарак еиҧшын, дара рылҵшәақәагьы ҧышәарахоит. Убри азоуп алхрақәа рыцклаҧшра ҳзақәшаҳаҭхаз.

Ҳара абарҭ алхрақәа рҿы иаабаз анегативтә аспектқәак иазгәаҳҭеит. Хаҭала сара абарҭ афактқәа саргәамҵуан: аибараххаратә лагылазаара, алхырҭақәа рынҭыҵ алхыҩцәа рықәыҕәҕәареи рыршәареи, абжьыҭира амаӡа аилагара, еиҟарамыз аҭагылазаашьақәа, ажәлар реиҟәшаратә риторика.  Сара арҭ алхрақәа ахәшьара рыҭаны, аҳасабырба армазеироуп исуалу, анеҩс, Ассамблеиа Қырҭтәыла апарламент аҟны аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра алшарц.

Ҳара ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит, уи ауп ихадоу.  Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари ҭабуп ҳәа расҳәоит ҳделегациа ҕәҕәала адгыларазы», — иҳәеит  Фаик Озтрак.