НАТО Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Ассамблеиа ала еиҿкааз асеминар рхы аладырхәит
НАТО Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Ассамблеиа ала еиҿкааз асеминар рхы аладырхәит

Мшаҧы 28-30 рзы  Анталиа  (Ҭырқәтәылатәи ареспублика) имҩаҧысит  НАТО Апарламенттә Ассамблеиеи Ҭырқәтәыла апарламенти  еиҿыркааз асеминар. Асеминар рхы аладырхәит Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла апарламенттә делегациа. Ақырҭуа делегациа дахагылан Гиви Миқанаӡе.

Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аделегациа анапхгаҩы Гиви Миқанаӡе мшаҧы 28 рзы Қырҭтәыла имҩаҧгаз арратә азыҟаҵарақәа  «НАТО-Қырҭтәыла 2025» рҵаки НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәеи дрылацәажәеит.

Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит 35 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә  121ҩык ахаҭарнакцәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи.