Визитла Америка иҟоу Қырҭтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа “Куинси иинститут” адиректор Анатол Ливени аинститут ахаҭарнакцәеи ирҧылеит.
Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аиҧылараҿы Америка адәныҟатәи аполитика иалацәажәеит, Аахыҵ Кавказ арегионгьы иазааҭгылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәагьы ирзааҭгылеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда рызун Қырҭтәыла ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа.
Аиҧылара алахәылацәа Абжьаратә корридор аҿиара аперспективақәагьы ирылацәажәеит», — иануп аинформациаҿы.