Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Прага имҩаҧысуа Ҟрымтәи жәларбжьаратәи аплатформа Апарламенттә саммит рхы аладырхәоит
Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Прага имҩаҧысуа Ҟрымтәи жәларбжьаратәи аплатформа Апарламенттә саммит рхы аладырхәоит

Арчил Ҭалакваӡе анапхгара ззиуа Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Прага имҩаҧысуа Ҟрымтәи жәларбжьаратәи аплатформа аҩбатәи Апарламенттә саммит рхы аладырхәоит.

Сынтәа ари асаммит еиҿыркааит Украинеи Чехиеи. Асаммит хықәкыс иамоуп Украина адгылара азаарҧшра апроцесс акоординациа азура. Европа апарламентқәа зегьы рхаҭарнакцәа Прага еизоит Украина иадгыларц азыҳәан.

Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апарламенттә делегациа анапхгаҩы Арчил Ҭалакваӡе алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгыланы, Украина имҩаҧысуа ахҭысқәеи, иара убас, Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи Евроеидгылашҟа ринтеграциеи далацәажәоит.

Иара убас, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.