Қырҭтәыла апарламенттә делегациа аусуратә визитла Азербаиџьан иҟан. Аделегациа иалан арегионалтә политикеи ахаланапхгареи азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Иракли Қадагишвилии, аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Гиви Миқанаӡеи, апарламент ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Салиеи.
Апарламент аинформациа ишану ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аделегациа алахәылацәа Азербаиџьан апарламент ахантәаҩы Сахиба Гафарова илҧылеит.
Азербаиџьан апарламент ахантәаҩы ақырҭуа депутатцәа жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа рҿы анапхгаратә партиа аиааира рыдылныҳәалеит. Лара ишылҳәаз ала, хара имгакәа, ҩ-ганктәи аусеицура иазку амеморандум ирмазеины, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы изырышьҭуеит.
Иара убас, аделегациа алахәылацәа Қырҭтәыла апарламент аҟны аиҩызара агәыҧ анапхгаҩы Арза Нагиев иҧылеит. Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи атематикатә комитетқәа рыбжьара аусеицура арҭбаареи иалацәажәеит.
Гиви Миқанаӡе азербаиџьантәи адепутатцәа аофициалтә визитла Қырҭтәылаҟа иааиҧхьеит.
Аиҧылара ихы алаирхәит Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патариӡе.