Нато апарламенттә ассамблеиаҿ ҩрезолиуциак аднакылеит, урҭ рҿы Қырҭтәыла адгылареи ацхыраареи рыӡбахә ҳәоуп
Нато апарламенттә ассамблеиаҿ ҩрезолиуциак аднакылеит, урҭ рҿы Қырҭтәыла адгылареи ацхыраареи рыӡбахә ҳәоуп

Нато апарламенттә ассамблеиаҿ ҩрезолиуциак аднакылеит, урҭ рҿы Қырҭтәыла адгылареи ацхыраареи рыӡбахә ҳәоуп. Ари атәы аалыцҳаит Мадрид иҟоу Актәи аканал ажурналист.

Аанкылареи атәылахьчареи рыԥшьгарақәа ирызку арехолиуциаҿ ишану ала, Нато иалоу алахәыла-тәылақәа реиҳабырақәеи рпарламентқәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит хара имгакәа 2022 шықәсатәи асаммит аҿы Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи Молдовеи рзы ишьақәдырӷәӷәаз апакет ҷыдақәа аимплементациа рзырурц.

“Нато астратегиатә аамҭа” зыхьӡу арезолиуциаҿ ишану ала Қырҭтәылеи Молдовеи рмилаҭтә суверенитети ртерриториатә акзаареи рыдгылара ӷәӷәа нарыгӡоит.

Арезолиуциаҿ ишану ала, “Нато иалоу алахәыла-тәылақәа реиҳабырақәеи рпарламентқәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит Урыстәыла атерористтә тәыла ауп ҳәа иазхарҵарц.