Қырҭтәыла апарламент аоппозициатә фракциа Акоммуникациақәа рзы акомиссиахь аҳәара ҟарҵеит аурыс апропогандатә каналқәа рдырраҭара ааныркыларц
Қырҭтәыла апарламент аоппозициатә фракциа Акоммуникациақәа рзы акомиссиахь аҳәара ҟарҵеит аурыс апропогандатә каналқәа рдырраҭара ааныркыларц

Қырҭтәыла апарламент аоппозициатә фракциа Акоммуникациақәа рзы акомиссиахь аҳәара ҟарҵеит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы Украина аибашьра иазку урыстәылатәи адезинформациа аларҵәара иаҧырхагахарц, аурыс апропогандатә каналқәа рдырраҭара ааныркыларц.

«Ареформақәа ргәыҧ» ахаҭарнакцәа абрифинг аҿы ишырҳәаз ала,  аинформациатә еибашьра  ашәарҭара иазҧхьагәаҭаны,  Адырраҭара иазку Қырҭтәыла азакәани  Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара Европатәи Аконвенциеи  рышьаҭала,  Украина иаҿагылоу аибашьра аан, Акоммуникациақәа рзы акомиссиахь ааҧхьара ҟарҵоит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы урыстәылатәи апропангандатә каналқәа зегьы  рдырраҭара ааныркыларц.