Қырҭтәыла Актәи аканал Европатәи адырраҭарақәа реилазаара (EBU) аделегациа аднакылеит
Қырҭтәыла Актәи аканал Европатәи адырраҭарақәа реилазаара (EBU) аделегациа аднакылеит

Қырҭтәыла Актәи аканал Европатәи адырраҭарақәа реилазаара (EBU) аделегациа аднакылеит. Аилазаара проектк анапхгаҩы Саша Скоти, Ацентртәи Мрагыларатәи Европа атәыла-алахәылацәа рҟны еизыҟазаашьақәа рхырхарҭа анапхгаҩы Радка Бетчевеи, Ацифратә трансформациеи аплатформақәеи рхырхарҭа анапхгаҩы Воутер Картие Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара анапхгаҩцәа ирԥылоит. Иара убас апланқәа ирылоуп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иҟны аиԥылара амҩаԥгара.

Аделегациа алахәылацәа жьҭаара 11-15 рзы аиԥыларақәа мҩаԥыргоит. Аделегациа авизит хықәкыс амоуп Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара ацифратәи ҳаамҭазтәи атезнологиа ахырхарҭала аусура ахәшьара аҭара.

Қырҭтәыла Актәи аканал аӡбахә ҳәан EBU адырраҭара PLAYBOOK, уи ацифратә транфсормациа иманшәалоу ҿырԥштәы аҳасаб ала аарԥшын.