Қырҭтәыла Актәи аканал ашьыжьтәи дырраҭара  "Ахали дҕе" аҿы Зураб Доиџьашвили ицхрааразы агәыҳалалратә марафон мҩаҧысуеит
Қырҭтәыла Актәи аканал ашьыжьтәи дырраҭара  "Ахали дҕе" аҿы Зураб Доиџьашвили ицхрааразы агәыҳалалратә марафон мҩаҧысуеит

 

 

Ахәашазы, ҧхынҷкәын 18 асааҭ 9:15 инаркны  10:00нӡа, Қырҭтәыла Актәи аканал ашьыжьтәи дырраҭара  “Ахали дҕе” аҿы Зураб Доиџьашвили ицхрааразы агәыҳалалратә марафон мҩаҧысуеит.

Акциа рхы аладырхәоит Зураб Доиџьашвили иҩызцәеи аколлегацәеи. Амарафон еиҿыркааит Қырҭтәыла акультура апалатеи Қырҭтәыла аҟазаратә усзуҩцәа рзанааҭеидгылеи.

Амарафон ашьҭахь Қарҭтәи аконцерттә зал аҧхьа Зураб Доиџьашвили ихьӡала аеҵәа аадыртуеит.

Уажәазы Зураб Доиџьашвили Израильтәи аклиника дҭоуп, иҭагылазаашьа цәгьоуп. Аҧсадгьылахь иаагара ҟалоит аҳаиртә медицинатә реанимациа мацарала, убри азыҳәан  66 000 лари (20 000 адоллар ) аҭахуп.