Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы, ажьырныҳәа  9 алахьеиқәҵаратә мшны рылаҳәоуп
 Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы, ажьырныҳәа  9 алахьеиқәҵаратә мшны рылаҳәоуп

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Саберио ақыҭан хәҩык ахәыҷқәа рҭахара инамаданы, ажьырныҳәа  9 алахьеиқәҵаратә мшны рылаҳәоуп.

Қырҭтәыла аҧыза-министр инапы зҵаиҩыз ақәҵара инақәыршәаны, алахьеиқәҵаратә амш инамаданы, административтә хыбырақәа зегьы рҿы аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭызаауеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра  абылраан иҭахаз ахәыҷқәа рҭаацәа даҽазнык ирыдашшылоит.

Иҭахаз ахәыҷқәа анышә иарҭоит уаҵәы, ажьырныҳәа  9 рзы.

Импыҵахалоу  Галтәи араион Саберио ақыҭан ажьырныҳәа 5 рзы иҟалаз абылрааан хәҩык ахәыҷқәа ҭахеит.