Қырҭтәыла жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцхыраара ала , ковид-19 иазкны аҭҵаарақәа рымҩаҧгара иалагеит
Қырҭтәыла жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцхыраара ала , ковид-19 иазкны аҭҵаарақәа рымҩаҧгара иалагеит

Қырҭтәыла аиҳабыра, ковид-19 ахылаҧшреи апандемиа анырреи иадҳәаланы,   жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцхыраара ала,  зымҽхак дуу аҭҵаарақәа рымҩаҧгара иалагеит.

Апартниорцәа рҟны аконсультациақәа хыркәшоуп. Иахьа Қырҭтәыла Аҧыза-министр апартниорцәа дырҧылеит. Аиҧылара лхы алалырхәит аиҳабыра русмҩаҧгарҭа анапхгаҩы Наҭиа Мезвришвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, апандемиа аан аиҳабыра имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәа ахәшьара рыҭареи, анализ рзуреи, агхақәа раарҧшреи аҵакы ҷыда амоуп,  уи абзоурала, ҳаҧхьаҟа аҳәынҭқарратә институтқәа иаҳа еиҕьны ари апроблема иахылаҧшыр рылшоит.

Ихьыҧшым аҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иашьашәалоу аспециалистцәа шьаҭанкыла иҭырҵаауеит зыӡбахәы ҳәоу акризис ауаҩытәыҩса изинқәеи, асоциалтәи азинтәи ҭагылазаашьеи рзы иамоу анырреи, иара убас, аҳәынҭқарратә институтқәа рҭагылазаашьеи. Ахәшьара роуеит аҭагылазаашьа ҷыдеи апандемиа ахылаҧшра апроцесси аан аиҳабыра имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәеи, уажәазы иҟоу апроблемақәеи, Қырҭтәыла зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху ауааҧсыра рзы ковид-19 иамаз анырреи. Акризис еиҭаҟалар, аҳәынҭқарратә институтқәа иаҳа еиҕьны иазыҟаҵазарц азыҳәан, аҭҵаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, абжьагарақәагьы дырмазеиуеит.

Аҧыза-министр аҭҵаарақәа ирылахәы жәларбжьаратәи апартниорцәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит ари аус азҿлымҳареи активтә усеицуреи азыҳәан.

„Аҭҵаарақәа раан хшыҩзышьҭра ҷыда рымазаауеит акрызҵазкәа азҵаарақәа. Урҭ рыбжьара, акризис аменеџьменти, апандемиа аан азинтә ашьаҭа анализи, ауаҩытәыҩса изинқәеи. Арҭ азҵаарақәа зеиҧшҟамлац аҵакы рымоуп. Ҳара ари апроцесс аҿы ақәҿиарақәа ҳаман, аха, уажәазы, проблемақәас иҟаз ааҳарҧшыр ҳҭахуп, абри ауп аҭҵаарақәа хықәкыс ирымоу. Ари азҵаара аҵакы ду амоуп, избанзар, ҳаҧхьаҟа акризис еиҭаҟалар, ҳара уи азы иаҳа еиҕьны ҳазыҟаҵазароуп“, – илҳәеит аиҳабыра русмҩаҧгарҭа анапхгаҩы Наҭиа Мезвришвили аиҧылара ашьҭахь.

Апандемиа ахылаҧшра апроцесс аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәа ибзианы дрыхцәажәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аҿиара апрограмма еснагьтәи ахаҭарнак Луиза Винтон.

„ЕАР аҿиара апрограмма ахьӡала, гәахәарыла Қырҭтәыла аиҳабыра исырҽхәоит, апандемиа ахылаҧшра аганахьала ирымоу ақәҿирақәа рыдысныҳәалоит. Арегион егьырҭ атәылақәеи инеизакны адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҳахәаҧшыр, лабҿаба иаабоит Қырҭтәыла ақәҿиара ду шамоу. ЕАР апрограммем, ЕАР асистема иаҵанакәа егьырҭ аусбарҭақәеи, Америка жәларбжьаратәи аҿиара агентреи рхаҭарнакцәа,  азҿлымҳара ду ала, Қырҭтәыла аҧышәа аҭҵаареи ибзианы иҟаҵаз аусқәеи, иаҳа еиҕьны зымҩаҧгара ҟалоз ауснагӡатәқәеи раарҧшра иазку  аҭҵаарақәа ирылахәхәоит“, – илҳәеит Луиза Винтон.

ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аофис азы арҭ аҭҵаарақәа рҿы ахадаратә ҵакы амоуп апандемиа аан ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы аиҳабыра имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәеи  аҭагылазаашьа ҷыда алагалара иазку азҵаарақәеи.

„Ҳаҧхьаҟа иазҧхьагәаҭатәу афакторқәа ҳрышьклаҧшуеит, ауснагӡатәқәа иахьынӡеизышьашәаз гәаҳҭоит. Аха, уажәгьы иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳалшоит аҭагылазаашьа ҷыда аан ажәа ахақәиҭра шыхьчаз, амедиа ахақәиҭрагьы изакәызаалак ҧырхагак шамамыз, уи иахьагьы иазхаҳҵоит. Ҳара уи даараӡа ахә ҳшьоит“, – иҳәеит Аахыҵ Кавказ аҿы ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа Иреиҳаӡоу акомиссар иофис абжьагаҩ еиҳабы Владимир Школьников.

ЕАР ауааҧсыра  рфонд анапхгаҩы ишиҳәаз ала, аковид-19 ахылаҧшреи апандемиа анырреи иазку аҭҵаара абзоурала, атәыла, апандемиа ахылаҧшразы иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵареи атәыла асоциалтәи аекономикатәи аҿиара арласреи алшоит.

„Ари аҭҵаараҿы зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху ауааҧсыра хшыҩзышьҭра ду рымазаауеит, ҳара ҳзы уи аҵакы ду амоуп, избанзар,  асоциалтәи аекономикатәи зинқәа рхырхарҭала арҭ ауаа рҭагылазаашьа уаанӡагьы цқьа иҭҵаамызт, иаҳҳәап, зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра, аҿар, ҷыдала, зылшара маҷу аҿар, аетникатә аиҵара уҳәа, еиуеиҧшым агәыҧқәа рҭагылазаашьа гәаҳҭоит. Азинеиҟарамра аҧыхра ада иҭышәынтәалоу аҿиара зыҟалом. Ари аганахьала, ҳара арҭ аҭҵаарақәа иаҳа инарҭбааны ҳрыхәаҧшуеит“, –  илҳәеит Лела Бақраӡе.

Апандемиа аан акризисқәа рхылаҧшреи, азинтә системеи, ауаҩытәыҩса изинқәка рыхьчара асистемеи ахәшьара рыҭара иазку аҭҵаарақәа еицымҩаҧыргоит ЕАР 8 агентраки Америка жәларбжьратәи аҿиара агетреи (USAID).