Қырҭтәыла абанкқәа рассоциациа  - Урыстәыла иҭыжьу акартақәа  «Visa»-и «MasterCard»-и змоу ауааҧсыра Қырҭтәыла абарҭ акартақәа рхархәара рылшом
Қырҭтәыла абанкқәа рассоциациа  - Урыстәыла иҭыжьу акартақәа  «Visa»-и «MasterCard»-и змоу ауааҧсыра Қырҭтәыла абарҭ акартақәа рхархәара рылшом

Адунеи егьырҭ атәылақәа реиҧшҵәҟьа, иахьа инаркны Қырҭтәылагьы  абанкқәеи атерминалқәеи рҿы Урыстәыла иҭыжьу акартақәа  «Visa»-и «MasterCard»-и змоу ауааҧсыра Қырҭтәыла абарҭ акартақәа рхархәара ирылшом.  Ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла абанкқәа рассоциациа.

«Иара убас, иазгәаҭатәуп  Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы иарбанызаалак атәыла ауааҧсыра, Қырҭтәыла атәылауаагьы нрылаҵаны, даҽа тәылак аҿы иҭыжьу акартақәа  «Visa»-и «MasterCard»-и рхархәара шрылымшо», — иануп аинформациаҿы.

Ишыжәдыруа ала, Урыстәыла ала Украина ажәылара амшала,   «Visa»-и «MasterCard»-и урыстәылатәи аџьармыкьа иалҵуеит. Ари аинформациа аланарҵәоит   «Би-Би-Си».

MasterCard аҳәамҭа ишану ала, урыстәылатәи абанкқәа MasterCard аҳа ахархәара рылшом,  акампаниа акартақәа Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы рхарҳара ҟалом.

Visa-гьы Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы аусура иаҟәыҵуеит. Аилахәыраҿы ишаарыцҳаз ала,   Урыстәыла иҟаҵоу Visa акартақәа атәыла анҭыҵ  аусура иаҟәыҵуеит,  иара убас,  Урыстәыла анҭыҵ иҟаҵоу  Visa акартақәа атәыла аҩныҟа рхархәара ҟалом.

Аилахәыда адиректор иҳәамҭала,  абри аҩыза аӡбара рыдыркылеит Урыстыла ала Украина ажәылара амшала.