«Visa»-и «MasterCard»-и урыстәылатәи аџьармыкьа иалҵуеит
«Visa»-и «MasterCard»-и урыстәылатәи аџьармыкьа иалҵуеит

Урыстәыла ала Украина ажәылара амшала,   «Visa»-и «MasterCard»-и урыстәылатәи аџьармыкьа иалҵуеит. Ари аинформациа аланарҵәоит   «Би-Би-Си».

MasterCard аҳәамҭа ишану ала, урыстәылатәи абанкқәа MasterCard аҳа ахархәара рылшом,  акампаниа акартақәа Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы рхарҳара ҟалом.

Visa-гьы Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы аусура иаҟәыҵуеит. Аилахәыраҿы ишаарыцҳаз ала,   Урыстәыла иҟаҵоу Visa акартақәа атәыла анҭыҵ  аусура иаҟәыҵуеит,  иара убас,  Урыстәыла анҭыҵ иҟаҵоу  Visa акартақәа атәыла аҩныҟа рхархәара ҟалом.

Аилахәыда адиректор иҳәамҭала,  абри аҩыза аӡбара рыдыркылеит Урыстыла ала Украина ажәылара амшала.