Қарҭтәи апатрультә полициа анапхгаҩы акциа алахәылацәа агәҽанҵара риҭеит амҩасырҭа  аадыртырц
Қарҭтәи апатрультә полициа анапхгаҩы акциа алахәылацәа агәҽанҵара риҭеит амҩасырҭа  аадыртырц

Қарҭтәи апатрультә полициа анапхгаҩы  Лаша Джохаӡе акциа алахәылацәа агәҽанҵара риҭеит амҩасырҭа  аадыртырц.

Иара иажәақәа рыла,  Намахвантәи  ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра амҩа аркра азин рымам, уи еиҧш ахымҧадара иҟамзар.

«Дара хықәкыла амҩа аркра азин рымам, избанзар уи еиҧш ахымҧадара иҟам.  Ҳара акциа алахәылацәа ҳрацәажәан, агәҽанҵара раҳҭеит.  Азакәан иану раҳҳәеит. Дара рҟынтә аҭак ҳазыҧшуп», — иҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак.

Намахван  ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра Ареспублика ашҭа аҟынтә аныҟәара мҩаҧыргоит. Дара Аиустициа аҩны акәша-мыкәша иҟоу аҵакырадгьыл  иадыркит. Уажәазы уаҟа амашьынала аиҭаҵра аанкылоуп. Акциа алахәылацәа амитинг мҩаҧыргоит.