Қарҭ ахадара аукраин жәлар рыцхрааразы ахыҧхьаӡара ҷыда аадыртит
Қарҭ ахадара аукраин жәлар рыцхрааразы ахыҧхьаӡара ҷыда аадыртит

Қарҭ ахада Каха Калаӡе  аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәара далагеит Украина алацәажәарала.

Калаӡе ишиҳәаз ала, аукраин жәлар ацхыраара рыҭара амзызла, ахыҧхьаӡара ҷыда аатуп.

Иара убас, Калаӡе ишиҳаз ала,  Украинаҟа идықәырҵаша  афатәаалыҵ аизгаразы аконкреттә ҭыҧ алхуп.

«Ауаа рацәа активра аадырҧшит,  абизнес-секторгьы аукраин ҳҩызцәа ирыцхраар рҭахуп, убри аҟынтә,  афинанстә цхыраара злараҳҭаша ахыҧхьаӡара ааҳартит. Ахыҧхьаӡара акод  300778800, азкызаара апункт аҿы иазгәаҭатәуп  — Украиназы», — иҳәеит Каха Калаӡе.