Қарҭ ахадара  аревматоидтә артрит зыхәшәтәуа, зыхә дуу апрепарат аҧара азоунашьҭуеит
Қарҭ ахадара  аревматоидтә артрит зыхәшәтәуа, зыхә дуу апрепарат аҧара азоунашьҭуеит

Цәыббра 1 инаркны, Қарҭ ахадара, аревматоидтә артрит зыхәшәтәуа, зыхә дуу апрепарат  «Актемра» аҧара азоунашьҭуеит.

Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари атәы ааицҳаит амуниципалтә аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ахәшә зҭаху ауаа иашьашәалоу аматериалтә ваучер роуеит.

«Алхраҧхьатәи акампаниаан ҳара ауаа ажәа раҳҭеит ари апрограмма шымҩаҧааго азы. Зыхә дуу апрепарат  “Актемра” зҭаху ауаа иашьашәалоу аваучер раҳҭоит.  Аҳҭнықалақь ахадара ари апрограмма амҩаҧгара иалагоит цәыббра 1 инаркны. Социалла ихьчам аҭаацәарақәа рбаза иҭагалоу,  150 000 балл еиҳамкәа ареитинг змоу ауааҧсыра ари ахәшә ахәҧса инагӡаны ироуеит. Ари апрепарат зҭаху егьырҭ атәылауаа зегьы  80% рзоуҳашьҭуеит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла,  аматериалтә ваучер аиуреи ахәышәтәра акурс наӡа ахысреи азыҳәан,  атәылауаҩ,  иашьашәалоу адокументқәа иманы,  агәабзиарахьчареи асоциалтә аиқәыршәареи  ақалақьтә маҵзура  дадҵаалароуп.